Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ҭаҭарсҭан араис Рустам Минниханов, Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров, аиҳабыра алахәылацәа.
Атәыла ахада ареспублика ақалақьуааи асасцәеи ирыдиныҳәалеит мҽхакы ҭбаала аусурақәа рхыркәшара, инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы шамоу.
«Азин сышәҭ ҳаҳҭнықалақь ирҿыцу аԥшаҳәа аартраан аԥсшәа шәаҳәара — ақалақьуаа реиԥш ареспублика асасцәагьы зегь реиҳа бзиа ирбо аҭыԥқәа ируакуп. Иахьа ҳара мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуаз аиҭашьақәыргылара ахыркәшара аазырԥшуа аҭоурыхтә церемониа ҳалахәуп. Аԥшаҳәа ҳақалақь азы еснагь иҷыдоу рԥшӡаган, иагьаанхоит, уи иадыргоуп», — ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Атәыла ахада Сергеи Кириенко иҭабуп ҳәа иеиҳәеит апроект анагӡараҿы хаҭалатәи илагалазы.
«Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахын ари апроект аԥшьызгаз-ҳреспубликаҿы ииз, Аҟәа ҷыдала бзиа избо ауаҩы. Ҳаҭыр зқәу Сергеи Владилен-иԥа, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳауаажәлар рахь иаашәырԥшуа адгылареи азҿлымҳареи рзы. Ҳаинырра ӷәӷәа аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркыло аӡбамҭақәеи шәхатә аԥшьгарақәеи иуникалтәу алшарақәа ҳҿаԥхьа иаадыртуеит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы ҷыдала иазгәеиҭеит аиашьаратә республикақәа — Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рроль, игәалаиршәеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы хәы змаӡам рыцхыраара атәы.
«Иахьатәи агәырӷьара залыршахомызт ҳаиашьаратә республикақәа — Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани аламырхәӡакәа. Ҳажәларқәа аҭоурыхтә еимадара ҵаулақәа рыбжьоуп. Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ианықәԥоз зегь реиҳа ихьанҭаз аамҭазы Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани хәы змаӡам ацхыраара ҳарҭеит ахәшәқәеи, амедицинатә кадрқәеи, зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәеи рыла. Иахьа Владислав Арӡынбеи, Минтимер Шаимиеви, Мурҭаз Рахимови ишьҭарҵаз арҭ аиашьара атрадициа бзиақәа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит, аҿиара иаҿуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра ахада.
Аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара алыршахеит Ареспублика Ҭаҭарсҭани, Ареспублика Башкортосҭани, Нижни Новгороди, Краснодартәи атәылаҿацәи, иара убас В.Г. Арӡынбеи ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәеи», Урыстәылеи Аԥсни рбизнес ахаҭарнакцәеи ирыбзоураны.
вчера 6:00
Аԥшаҳәа аартра иазкыз аныҳәатә церемониеи «Аамҭа акапсула» ашьҭаҵареи мҩаԥысит Диоскураа рыԥшаҳәаҿы
Аԥшаҳәа аартра рнапы ианырҵеит Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Ахәыҷқәа аԥшаҳәа ианысит ԥшытәы рацәала еилоу апы́шҭақәеи, Аԥсны, Урыстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рбираҟқәеи рыманы.






