Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан азинҷыдатә кредит аҭареи мшаԥымзазы Жәларбжьаратәи аԥсуа економикатә форум-2026 аҿы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡареи рзы аԥсуа-аурыс инвестициатә программа азҵаарақәа. Аиԥылара хазы игоу ахәҭа ареспубликаҿы атуристтә аамҭахәҭа ахацыркра иазкын.
Иара убасгьы ирзааҭгылеит ҩ-ганктәи аусеицура ԥхьаҟатәи аҿиара, ишьақәдырӷәӷәеит атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аизырҳареи ареспублика аекономикатә потенциал арӷәӷәареи ирызку апрограммақәа рынагӡара ацҵара ргәы ишҭоу.
вчера 9:01
Аԥсныҟа усутә визитла дааит Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит, уи аан асоциалтә, аекономикатә, аинфраструктуратә усхкқәа рҿы еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара иалацәажәеит.






