Аныҳәеи, аԥышәа аимдареи, аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рзы ихадоу тыԥқәаны иҟалоит ақалақьқәа Аҟәеи Гәдоуҭеи.
Ԥхынгәымза 2 рзы Самаратәи ахәыҷтәы музыкатә театр «Задумкеи» Аҟәатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә ансамбль«Иааирумеи» ирзеиҿкаахоит Афон Ҿыцҟа аныҟәарақәа.
Ԥхынгәымза 3 рзы ихацыркхоит апрограмма аспорттә хәҭа.
Асааҭ 11: 00 рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә хәмаррақәа рыспортшкол (Ӡиӡариа имҩа, 28, Курченко ихьӡ зху апарк) аҿы аӡиудо азы аицлабрақәа «Аԥсны ахраҿа» хацыркхоит. Иқәԥоит 11-16 шықәса зхыҵуа Самарантәи иааз аӡиудоистцәа қәыԥшцәа.
Асааҭ 12:00 рзы 14-18 шықәса зхыҵуа аспорттә школқәа рааӡамҭацәа рыбжьара астолтә ԥкьаҭмпыл азы аицлабра мҩаԥгахоит. (астолтә ԥкьаҭмпыл азы Аҟәа ақалақь Аспортшкол аҿы).
Асааҭ 19: 00 рзы-Аҟәеи Самареи ршьапылампылтә командақәа реиҩызаратә матч (ақ.Аҟәа, «Динамо»астадион).
Ԥхынгәымза 5 рзы - аныҳәа акульминациа.
Аҟәа имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа
Асааҭ 10:00 инаркны 21: 00 рҟынӡа — иуникалтәу х-секциак змоу ацәыргақәҵатә стенд «Иҟаҵоуп Самара» аартхоит аԥшаҳәаҿы. Асасцәа ирзыԥшуп аинтерактивтә зонақәа хԥа: «Ухатәы Самара аарты», «Иҟаҵоуп Самара», «Самара агьамала змоу».
10:15 – Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аныҳәатә церемониа. (Ахьӡ-аԥша апарк аҿы).
Асааҭ 12:00 рзы-Аҟәеи Самареи рыспортсменцәа ӷәӷәақәа рыбжьара ашашкақәа рыла ахәмарра асеанс (Аҟәа ақалақь аԥшаҳәаҿы).
Асааҭ 20:00-22:30 рзы — Аҟәа аԥшаҳәаҿы иаадыртуеит аҭаацәа зегьы рзы атематикатә интерактивтә станциақәа.
Асааҭ 20:00-21:30 рзы — Самара арҿиаратә коллективқәа рныҳәатә концерт (Диоскураа рыԥшаҳәаҿы).
Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа
Асааҭ 12:00-12:40 рзы — ирҿыцу ақалақь аԥшаҳәа (асқьала ааигәара) аартра.
Амш иалагӡаны:
Аԥхынтәи акинотеатр адәаҿы: Аԥсны иазку аҭоурыхтә фильмқәеи Самара иазку ароликқәеи дырбара.
Аспорттә ҭыԥқәа: самаратәи гәдоуҭатәи аспортсменцәа реицлабрақәа.
Аԥшаҳәаҿы аныҳәа: анимациатә программақәа, еицырдыруа самаратәи адәахьтәи атеатр «Апластилин қәа»аҟынтәи аҳаир мпылқәа ршоу.
Ахәыҷқәа рзы аҭыԥ: аквагрим, асахьаҭыхразы арҿиаратә мастер-классқәа.
вчера 0:17
Ԥхынгәымза 2-5 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит ақалақь Самара амшқәа
Ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи ирзыԥшуп игәылҭәаау акультуратә, аспорттә, агастрономиатә программа.






