АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Рашәара.2026

Аԥсны аминистрцәа реилазаареи Донецктәи Жәлар Рреспубликеи ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, асоциал-культуратә усхкқәа рҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәеит

Аиқәшаҳаҭра хықәкыс иамоуп иарбоу ахырхарҭақәа рҿы аганқәа реинырра арҭбаареи арӷәӷәареи. Адокумент азырхоуп аиҩызареи, апатуқәҵареи, азинеиҟарареи, наҟ-ааҟтәи афеидеи шьаҭас измоу ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара.

Аиқәшаҳаҭра нагӡахоит ареспубликақәа рмилаҭтә закәанԥҵарақәеи, иара убас Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аус зуа жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи инарықәыршәаны.
 
Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра ҿыц зинтә шьаҭаны иазыҟалеит 2008 шықәса цәыббрамза 17 рзы Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра.
 
Ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны аганқәа русура хра аманы, ламысцқьала инарыгӡалоит.


Read 32 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.