Иара ааԥхьара ҟаиҵеит ари асистема алагалара апроцесс хшыҩзышьҭрала иазнеирц, избанзар «аҩныҵҟатәи аҷыдареи, аусхкқәеи, ашәахтәқәҵара арежимқәеи реиуеиԥшымзаареи ирыхҟьаны абизнес маҷи абжьаратә бизнеси зегьы аамҭакала рымҽхакра залыршахом».
«Амеханизм ҿыцқәа ралагалара ашьҭахь ҳақәгәыӷуеит еилыкка иҟоу асистема ҳауеит ҳәа. Ари апроцесс еиҿнакаауеит, даҽа ганкахьала — аекономика ахылаԥшра арӷәӷәоит. Ҳара хықәкыс иҳамоуп асистема кеикеиуа аҟаҵара, ашәахтәқәҵара анырра азҭо ауаҩытәыҩсатә фактор зынӡа аԥыхра», — иҳәеит Владимир Делба.
Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәылатәи иколлегацәеи иареи русеицура аҵак ду шамоу.
Иара Даниил Егоров иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аколлектив аусура ахәшьара ҳаракы ахьаиҭаз азы, иазгәеиҭеит аусбарҭа хра злоу аусеицура ишазыхиоу.
Едгар Бениа ирыдыркылаз аӡбамҭақәа хымԥадатәиқәан ҳәа ахиҳәааит.
сегодня 22:52
Агәаҭара-кассатә техникеи иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә автоматизациа зызуу ахылаԥшра асистемеи ралагалара иҿыцу етапны иҟалоит
Абри атәы иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Даниил Егорови реиԥылараан.






