Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҩ-тәылак ршәахтә усбарҭақәа реимадара арӷәӷәара аҵак ду шамоу.
«Ҳара ҳзы аҵак ҷыда амоуп Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәахтә маҵзуреи реинырра. Ҳтәылақәа ршәахтә структурақәа русеицура уажәнатә алҵшәа бзиақәа аанашьҭуеит», - иҳәеит Гәынба.
Иара агәыӷра ааирԥшит ари аинырра еиҳагьы ишеизырҳахо, Афедералтә шәахтә маҵзура аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥснытәи рколлегацәа ирырҭо адгыларазы.
«Ҳара лассы-лассы иаҳҳәоит Аԥсны абиуџьет ахарҭәааразы ахатәы ӡбамҭақәа аҭахуп ҳәа. Урыстәылатәи Афедерациа иамоу аԥышәа ари аӡбараҿы ихадоу хәҭаны иҟалар алшоит», - иҳәеит Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа ашәахтә маҵзура адунеи аҿы зегьы иреиӷьу, аԥхьагылара змоу иреиуоуп ҳәа ахиҳәааит.
сегодня 22:52
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба диԥылеит усутә визитла Аԥсныҟа иааз Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәахтә маҵзура анапхгаҩы Даниил Егоров
Аиԥылара иара убас иалахәын аԥыза-министр Владимир Делбеи ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Едгар Бениеи.






