Аминистр иажәақәа рыла, аекономика аминистрра абиуџьеттә процесс аҿы ихадоу рольны иаанхоит атәыла афинанстә планқәа шьаҭас измоу аамҭакьаҿлатәи азԥхьагәаҭарақәа разырхиара.
«Ари амакроекономикатә рбагақәа рсиа ду злоу зымҽхак ҭбаау ҭа́ӡҩыроуп. Уахь иаҵанакуеит аҩныҵҟатәи ахашәала, аусурҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара уҳәа адыррақәа. Иарбоу аматрица иалнаршоит аҿиара ацашьа ахәшьара аҭара, аплантә рбагақәа рҟынӡа инаӡар, ма иахьымӡар ахҟьаԥҟьақәа рыԥхьаӡара», — ҳәа ҳаилиркааит Амқәаб.
Аекономика аминистр иргәалаиршәеит 2025 шықәсазтәи абиуџьет апроект шеиқәдыршәоз ишьақәырӷәӷәоу аекономикатә зԥхьагәаҭа ҳасаб азуны, уи аҳасабырбатә аамҭа азбжазы арҽеира иахысит. Ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны усҟан иалыршахеит ареспубликатә биуџьет арбагақәа ахашәалахәқәа рыла еиԥш ахарџьқәа рылагьы реизҳара аиҭахәаԥшра.
Иахьатәи аамҭазы аминистрра 2027 шықәсазтәи ареспублика асоциал-економикатә ҿиара азԥхьагәаҭа аус аднаулоит.
вчера 1:15
2026 шықәса актәи азыбжазы арбагақәа ранализ аус адулара хнаркәшеит аекономика аминистрра
Аекономика аминистрра хара имгакәа ареспублика асоциал-економикатә ҿиара ирҿыцу азԥхьагәаҭа ӡырнагоит. Абри атәы иҳәеит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб Жәлар Реизара аҟны.






