АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:12

Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа иалацәажәеит аԥыза-министр инапхгарала имҩаԥысыз аилацәажәараҿы

Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба имҩаԥигеит абылтәы ала аиқәыршәара азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара, уи иалахәын аиҳабыреи абылтәы еилахәырақәа рхаҭарнак хадацәеи. Акурорттә сезон аан, абылтәы аҭаххара аныҳараку аамҭазы амашьынарныҟәцаҩцәа былтәыла реиқәыршәашьа иалацәажәеит.

Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иҳәеит ареспубликаҿы уажәтәи аамҭазы абылтәы ҭаҵәахқәа шазхо, инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи абылтәы џьармыкьаҿы иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны уи Аԥсныҟа аҭагалара ацҵара аҵак ду шамоу.

Аԥыза-министр аенергетика аминистрра анапынҵа аиҭеит иҟалар зылшо апроблемақәа ирласны раԥырҟәҟәааразы аџьармыкьа ахылаԥшра дырӷәӷәарц.


Read 74 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.