АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Рашәара.2026

Аҳәынҭқарра Ахадарахьи Апарламент адепутатрахьи акандидатцәа рзы ақәратә ценз шыҟац иаанхоит

«Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутати Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи рықәратә ценз аизырҳаразы» азакәан апроект рыдрымкылеит Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьараҿы.

Апроект иазԥхьагәанаҭон Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоу акандидат иқәра 45 шықәса еиҵамзар ауп ҳәа. Иааныжьу аценз инақәыршәаны Аҳәынҭқарра ахадарахьы дықәгылар ауеит 35 шықәса инаркны 65 шықәса рҟынӡа зхыҵуа атәылауаҩы.

Апарламент адепутатрахь акәзар 33 шықәса зхыҵуа инаиркны ихы ықәигылар ауеит ҳәа азԥхьагәаҭан. Иааныжьу ақәратә ценз инақәыршәаны адепутатрахь дықәгылар ауеит 25 шықәса зхыҵхьоу атәылауаҩы.


Апроект азы 13 бжьы ҭиин, 11-ҩык-аҿагылеит, 4-ҩык адепутатцәа рҽааныркылеит.


Read 260 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.