АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 14:03

«Аԥсни Урыстәылеи агәреибагареи, аицхыраареи, азеиԥш ҭоурыхи шьаҭас измоу астратегиатә еидгыла еиднаҳәалоит», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба

Аҟәа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Урыстәыла амш аҳаҭыр азы аныҳәатә дкылараҿы иқәгылараан атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари амш атәыла ду амчи, акзаареи, шәышықәсалатәи аҭоурыхи ирсимвоны ишыҟоу, уи ажәларқәа еиднакылоит, азеиԥш беиарақәеи атрадициақәеи пату рықәҵара иашьаҭоуп.

«Аԥсны жәлар рзы Урыстәыла узықәгәыӷша ҩызан, дгылаҩ хаданы иҟан, иагьаанхоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ашәарҭадара аиҿкаареи, аекономикеи асоциалтә усхки рырҿиареи, ҳреспублика аҳәынҭқарратә суверенитет арӷәӷәареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгылара», – ҳәа азгәеиҭеит ахада.

Аԥсны Ахада иҷыдоу аџьшьара ажәақәа изишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин.

Иара иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Ахада игәцаракреи ицхыраареи ирыбзоураны аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа ихадоу ахырхарҭақәа зегьы рыла аҽырӷәӷәара, аҿиара ишаҿу.

Аҳәынҭқарра Ахада агәрагара ӷәӷәа ааирԥшит аҳәынҭқаррақәа реидгыларатә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа рымаҵ шыруло ала.

Ареспублика ахада гәык-ԥсыкала Урыстәылатәи Афедерациа милаҭрацәала еилоу ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, аизҳазыӷьара, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, ақәҿиарақәа.


Read 165 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.