Аԥсны иргәаланаршәоит Асовет закәанԥҵара инақәыршәаны Аԥсны Қырҭтәылатәи Асоветтә республика ишалҵыз ихьыԥшымкәа.
Иара убас, Аԥсны аган иазгәарҭоит Қырҭтәыла акультуратә геноцид шымҩаԥыргоз, 1992 шықәса жьҭаарамзазы Аҳәынҭқарратә архиви Аԥсуа ҭоурыхи, абызшәеи, алитературеи ринститути абылра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
«Арегионалтә шәарҭадара шьақәгылашьа амаӡам акулуартә еиқәышаҳаҭрақәа рыла.
... Аахыҵ Кавказ ашәарҭадараҿы ихадоу шьаҿаны иҟалароуп Қырҭтәыла ахырхарҭа аԥсахра, уи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа конструктивла иалахәхароуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҿагыланы арратә мчы ахамырхәаразы зинла адҵа ҟазҵо аусшәҟәы рнапы аҵарҩыроуп», - ҳәа азгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз ахҳәааҿы.






