Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны шазыхиоу ганрацәала Никарагуа аус ацура. Ахәҭакахьала, атәыла Ахада иазгәеиҭеит аҵареи, акультуреи, аспорти реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рҿы аинырра арҭбаара дшазыхиоу.
«Ҳаамҭазтәи атехнологиа ҿыцқәа ршәышықәса аан аусеицуразы ахарара ԥынгылас изыҟалом», - иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа шаиҭаз Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа аус рыцура дырӷәӷәарц.
Бадра Гәынба Никарагуа аицхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои, иара убас Алауреано Ортега Мурильои дара ианырзыманшәалоу аамҭазы Аԥсны иаҭаарц ааԥхьара риҭеит.
Лауреано Ортега иакәзар Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аиԥыларазы, иагьышьақәирӷәӷәеит Никарагуа Аԥсны аус ацура арҿиара ишазҿлымҳау. Иара иазгәеиҭеит Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи дареи аусеицура бзиа шрыбжьоу, иҵоуроу ҿырԥштәык аҳасабала иаликааит Никарагуа ахаҭарнак Аԥсны имҩаԥысыз авокалтә фестиваль иалахәхара.
Лауреано Ортега Бадра Гәынба ааԥхьара ииҭеит Сандинисттәи ареволиуциа шықәсык ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Никарагуа даҭаарц.






