АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:11

Ирылаҳәоуп аицлабра «Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит» аҟны аиааира згаз

Ареспубликатә еицлабра «Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит» аҟны аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит арт-платформа «Гәыма» аҿы. Аӡбамҭа рыдыркылон аекспертцәа , иазԥхьагәаҭан иара убасгьы абжьыҭиира, уаҟа рыбжьы рҭиит жәа-нызқьҩык инареиҳаны.

Аихшьаалақәа рыла иалкаан 31-ҩык аиааира згаз. Аицлабраҿы иреиӷьу ахәыҟаҵаҩцәа, анапҟазацәа, иреиӷьу акаҳуажәырҭақәеи аԥсшьарҭа ҩнқәеи рыхьӡ рҳәеит. Аофициалтә сертификатқәеи ахаҭабзиара афирматә қәырҷабқәеи аиааира згаз ирырҭеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи ИАЕ «Аԥсны акоманда» адиректор хада Георги Габуниеи.
 
Хазхаҭалатәи апрофессионалцәа ркатегориаҿы аҳамҭақәа ранашьахеит аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, атәылаҿацәҭҵааҩцәа Алан Асланӡиа, Владислав Ашәба, Адгәыр Агрба, Михаил Ҳашба, Емиль Ҳаџьы-оглы, Ромео Кәырмазиа.
Зхаҭабзиара ҳараку ҩыҟаҵаҩцәаны иалкаан Алмас Адлеибеи (аҩыҟаҵарҭа «Ҩ-шьхак») Рустам Ашәбеи (аҩыҟаҵарҭа «Ашәба иашҭа»).

Аусмҩаԥгатәқәа иреиӷьу реиҿкааҩ ҳәа далкаауп Вероника Ермилова, иреиӷьу анапҟаза — Инна Салаҟаиа, агастрономиатә номинациаҿы аиааира игеит ахәыҟаҵаҩ еиҳабы Шамиль Кылыч. Аиндустриеи амедиацхыраареи рҿы рлагалазы аҳамҭақәа ранашьоуп Аида Векуа, Ольга Прокопова, афотоҭыхыҩ Даниил Оҭырба.
 
Аиҿкаарақәеи абизнеси рыбжьара аԥхьахә роуит ахәыҷтәы каҳуажәырҭа LITTLES, аресторанқәеи акаҳуажәырҭақәеи «Леон», «Мухус», «Анаша», «Пальма», «Санраиз», иара убас асасааирҭатә ҩны «Роза», аплиажтә комплекс Marnero рхаҭарнакцәа.
 
Асасдкылараҿы рлагалазы аҳамҭа ҷыдақәа рыла иалкаауп Арифа Қапба, Адамыр Ахба (WineJet), Ирена Кәлаа, Сариа Ахба (аҟазарҭа «Akhba & Ko»), Александр Попов, ахәыҟаҵаҩ еиҳабы Анзор Кочиев, иара убас акаҳуажәырҭа «Колибри», асасааирҭатә ҩны «Бис», Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи.


Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.