АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 13:20

Лаҵарамза 23 рзы аиашахаҵаратә қьырсианцәа иԥшьоу Апостол Симон Кананит имш азгәарҭоит

 

Апостол Симон Кананит Иҳақәиҭу Иисус Христос иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкын. Апостол ихьӡ ахуп ацқьа Симон Кананит иуахәамеи (IX–X ашә.) Афон Ҿыц иҟоу ахацәа раберҭыԥи. 2013 шықәса раахыс ари амш ареспубликаҿы ныҳәатә мшны иԥхьаӡоуп.

Алитургиахь ари амш аҽны еизоит Аԥсны ауахәамақәа рҿы иҟоу Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама анцәахаҵаҩцәа. Аныҳәара мҩаԥгахоит Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы ашьыжь асааҭ 9 рзы ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент изеиҭеиҳәеит аиеромонах Давид (Гәазаа).

«Аԥсны Иԥшьоу амитрополиа» амаӡаныҟәгаҩ Герман Маршьан Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит архимандрит Дорофеи (Дбар) Афон Ҿыцтәи аберҭыԥ ацқьа Пантелеимон иныхабаа хадаҿы асааҭ 9:00 рзы анцәаимҵаныҳәара шымҩаԥиго, уи ашьҭахь ацқьа Симон Кананит иныхачаԥа рыманы аныҟәара шымҩаԥысуа. Анаҩс изҭаху зегьы аныҳәатә еишәачара рҽаладырхәыр рылшоит.

Маршьан иажәақәа рыла, есышықәса арҭ атрадициатә усмҩаԥгатәқәа Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы уи асасцәагьы аднаԥхьалоит.

«Есышықәсатәи анцәаратә литургиа рҽаладырхәуеит ҳтәыла асасцәагьы, урҭ рӷьырак ҷыдала ари амш аҽны иаауеит», – иҳәеит Маршьан.

Москва иҟоу Донтәи аберҭыԥ аҿы апостол Симон Кананит игәалашәара амш аҽны аныҳәатә литургиа мҩаԥгахоит. Анцәаимҵаныҳәара иахагылоит аиеромонах Арсен (Џьелиа), аиеродиакон Гьаргь (Аиба). Алитургиа алагоит асааҭ 07:00 рзы. Алахәхаразы ааԥхьара рымоуп Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, иара убас аиашахаҵаратә дин ныҟәызго зегьи.


Read 19 times - Асабша, 23 Лаҵара 2026 12:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.