Ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, акультура аминистр Даур Ақаҩба, аинтернационалтә бригада «Пиатнашка» акомандир, Аԥсни Урыстәылеи Ргәымшәара аорденқәа занашьоу Ахра Аҩӡба, Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор Мзиа Беиа, Нижни Новгород ахада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Елена Антонова.
сегодня 22:21
Астол гьежь «Абиԥарақәа реимадара: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду инаркны иахьатәи афырхацәа рҟынӡа» мҩаԥысуеит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы
Аусмҩаԥгатә аадыртаанӡа алахәылацәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.






