АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:06

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа реиҳәеит аполитикатә мчрақәа Рконсультативтә хеилак аԥҵаразы аиԥылара иалахәыз зегьы

«Ас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иахьа акырӡа аҵанакуеит. Аполитикатә кризисқәеи амитингқәеи рныррала акәымкәа, иҭынчу аҭагылазаашьаҿы аицәажәареи аиԥылареи рзы алшара ҳамоуп. Ҳара жәларык ҳауп, еицаҳзеиԥшу ҩнык ҳамоуп. Хықәкы хадас иҳамоуп ихьыԥшым Аҳәынҭқарра астатус аиқәырхара, асуверенитет ахьчара, ҳтәылауаа рыԥсҭазааразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара», - иҳәеит Гәынба.

Иара иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәсқәа ирылагӡаны ирзынамыгӡаз агәҭакқәа шыҟоу, аха урҭ рыцәхьаҵра, мап рыцәкра шиашам.

«Ари ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рҿаԥхьа еицаҳзеиԥшу ҭоурыхтә миссиоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳполитикатә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны егьырҭ апартиақәагьы, иара убас ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы шҳацло. Урҭ зегьы рзы ашәқәа аартуп. Ҳара ҳзеиԥш хықәкы-ҳҳәынҭқарра аргылара ауп.

Сара хықәкыс исымоуп дарбанзаалакгьы, дызтәу аган, игәаанагара ҳәа еилых ҟамҵакәа аусеицурахьы иадыԥхьалара. Aгәра ганы сыҟоуп, ииашаҵәҟьаны ҳаизыӡырҩыр алҵшәа бзиақәа шҳауа».


Read 38 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.