«Ҳара иаабоит иуадаҩу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа, еилаҳкаауеит аибашьрақәа шцо. Аӷба напхгара азҭо акаԥдан иеиԥш, ҳара иаҳуалуп ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟа агара. Ҳаиԥылара алҵшәа аиур, ҳаԥхьаҟа, хымԥада, ари аԥшьгара иадгыло, иацызҵо ауаа ҟалоит».
Барцыц иазгәеиҭеит аилибамкаарақәа еснагь ишыҟало, аха иахәҭаны ишиԥхьаӡо аиҟәыҭхара ааныжьны еидгыланы ауадаҩрақәа риааирахь аиасара.
«Ҳаԥхьаҟа аус дуқәа ҳзыԥшуп. Жәлар Реизарахь алхрақәа ааигәахоит.
Сара агәра ганы сыҟоуп атәыла ахадеи Жәлар Реизареи еидҳәаланы аус рулар ауп ҳәа», - иҳәеит Барцыц.
Аслан Барцыц иҳәеит Урыстәыла иаҿагыло агәаанагарақәа Аԥсны ишыҟам, уи иинтервиу аҿы ииашаны ишазгәеиҭаз Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
вчера 1:05
Аслан Барцыц: «Ҳаигыланы ауадаҩрақәа риааира ҳалагароуп»
Аполитикатә мчрақәа Рконсультативтә хеилак аԥҵара иазкыз Аԥсны Ахада Бадра Гәынба имҩаԥигоз аиԥылараан апартиа «Жәлар ракзаара афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц иҳәеит:






