Ҳаамҭазтәи аныҟәаҩцәа еиҳа-еиҳа иазҿлымҳауп амшын адагьы ареспублика агәахьы аекологиатә маршрутқәа ҳәа еиҭеиҳәеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.
Ас еиԥш аԥсшьара ашәарҭадареи ахаҭабзиара аҳаракреи аҭахуп, убри аҟытә атуризм аминистрра акадрқәа разыҟаҵаразы азнеишьа шьаҭанкыла еиҭахәаԥшит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет алархәны ихацыркын арҵаратәи апрактикатәи программа ҿыц. Ҳазҭоу ашықәс азы аҵара қәҿиарала ихдыркәшеит, аофициалтә аттестациа роуит 15-ҩык ззанааҭдырра ҳараку аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, урҭ иуадаҩу амаршрут ҿыцқәа рҿы аус рулоит.
сегодня 18:21






