Лаҵарамза 5 рзы, еиҭашьақәыргылаз XI ашәышықәсазтәи ауахәама аԥшьареи ахәылԥазтәи анцәаимҵаныҳәареи мҩаԥган, уи дахагылеит ахылаԥшҩы – аиереи Далмат Гоԥиа аиереи Никита Адлеиба аԥшьара ицымҩаԥигеит.
Лаҵарамза 6 рзы, Ацқьа Гьаргь игәалашәара амш аҽны ауахәамаҿы имҩаԥысит аныҳәатә џьартә ныҟәара зцыз иԥшьоу алитургиа.
06.Лаҵара.2026






