Аҭааҩцәа ирбар рылшоит ацәаҟаҵаҩцәа, аҳаԥшьаҟаҵаҩцәа, абџьарҟаҵаҩцәа, ауасҭацәа уҳәа анапҟазацәа раалыҵ.
Акультура Аминистрра акреативтә економикеи акультуратә индустриақәеи рыҟәша аспециалист хада Владислав Ԥиԥиа Аԥсныпресс акорреспондент даниҽцәажәоз иҳәеит, ари ацәыргақәҵа Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рзы еицырдыруа ҭыԥны иҟалап ҳәа агәыӷра шимоу атәы.
«Ари аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәеи анапҟазацәеи ртауарқәа ахьӡыргоу маркетк иаҩызоуп. Ацәыргақәҵа аԥхыни цәыббрамзеи зегьы аус аулоит. Араҟа аҟазацәа урабадырыр ҟалоит, иуникалтәу рнапкымҭақәа ааухәар улшоит», – иҳәеит Ԥиԥиа.
Аусмҩаԥгатә акультура Аминистрра ацхыраарала еиҿкаауп.
05.Лаҵара.2026
Аҟәа, С.У. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы Аԥснытәи анапҟазацәеи аҭыжьыҩцәеи раалыҵ ацәыргақәҵа-аҭира аатит
Аԥснытәи анапҟазацәеи аҭыжьыҩцәеи раалыҵ ацәыргақәҵа-аҭира аартызаауеит лаҵараиза 5 инаркны жьҭаарамза акынӡа.






