АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Лаҵара.2026

Ашәахтә закәанԥҵара аиӷьтәра азҵаарақәа ирызкын аԥыза-министр Владимир Делба имҩаԥигаз аилатәара

Аилатәара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, ашәахтәқәеи аизгақәтәқәеи рминистр Едгар Бениа, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб.

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, иалацәажәеит:
Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә аҟынтәи зхы иақәиҭыртәуа атауарқәа рсиа ашьақәыргылара, амедицинатә тауарқәагьы уахь иналаҵаны, ашәахтә азы азакәанԥҵара аиӷьтәра, ашәахтәқәҵара аобиектқәа рышьақәыргылара, ахадара ахаҭабзиареи апланҟаҵара аҩаӡареи рышьҭыхра.

Аԥыза-министр анапынҵа ҟаиҵеит ҩымчыбжь рыҩныҵҟа ажәалагалақәа азырхианы аминистрцәа Реилазаара иалагалазарц азы.


Read 238 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.