АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Лаҵара.2026

Аԥсни Шәачеи рышьхатә курортқәа амашьынарныҟәцаҩцәа рзы иааигәахар алшоит

Атранспорт-ҳәаатә туризм аҿиаразы азҵаарақәа рҭак ҟаҵо, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб дазааҭгылеит Аԥсни Шәачеи рышьхатә курортқәа рыбжьара атранспорттә еимадара аиӷьтәра атемагьы.

«Уажәы Аԥснынтәи Шәачатәи ашьхақәа рахь анеиразы атурист амшын аԥшаҳәахьы дылбааны аҳәаа дахысны ҿыц ашьхаҟа дхалароуп. Аибга ақыҭа иахьаҵанакуа аушьҭырҭатә ҭыԥ аус ауазҭгьы, хаҭалатәи атранспорт ала аныҟәара акыр иманшәалахон», —иҳәеит аминистр.
Иара иазгәеиҭеит иаку атранспорттә мҩа аԥҵара аӡынтәи аԥсшьара арманшәалареи, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵареи ишацхраауа. Аха уажәазы аԥшьгамҭа апроект аԥхьатәи астадиаҿы иҟоуп.


Read 131 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.