Пицунда ицо арҵаҩцәа рфорум ахықәкы хадақәа иреиуоуп арҵаҩцәеи арҵагашәҟәқәа шьақәзыргылои рыбжьара иаарту ацәажәара аиҿкаара, аҩганк ргәы иҵхо азҵаарақәа реибыҳәара. Арҵаҩцәа х-секциакны рҽыршеит. Апедагогика аинститут аспециалистцәеи Аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәеи аус руан абжьаратә школ арҵаҩцәа рыбжьара, алагарҭатә школқәа рырҵаҩцәа рҿы хазы, иара убас аԥсуа бызшәа иаԥсыуам ашколқәа рырҵаҩцәа рҿы.
Абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа ахьеилатәаз асекциаҿы Апедагогика аинститут аусзуҩы Асмаҭ Занҭариа далацәажәон 6,7,8 аклассқәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа. Азҵаарақәа заанаҵы иаашьҭын арҵаҩцәа рхаҭа рҟынтә. Урҭ еиҳарак изызкыз аҩышьаԥҟарақәа, атекстқәа аус рыдулашьа, аҳәоуқәа реилазашьа акәын. Аиԥылара адискуссиатә ҟазшьа аман. Арҵаҩцәа ирызцәырҵуаз азҵаарақәа, ргәаанагарақәа рҳәартә еиԥш аҭагылазаашьа рыман. Арҵагашәҟәқәа еиқәзыршәо ракәзар, урҭ игәцараркуан ишьҭыхыз азҵаарақәа, арҵаҩцәа аҭак рыҭараҿы гәаартыла ицәажәон.
Асмаҭ Занҭариа аинститут аԥсуа бызшәа аҟәшаҿы аус луеит. Лусура атәы далацәажәауа илҳәоит, арҵагашәҟәқәа ирыгу ирыбзоу акылыршәшәаара, агхақәа рыриашара аус иааԥмырҟьаӡакәа ишцо.
«Раԥхьа аусура ҳаналага, ҳара ҳнапы ианӡамызт абызшәа аҭҵаара аганахьала атеориа алакьысра, избанзар, уа иҟан авторцәа дуқәа, академикцәа, аҵарауаа, аха аамҭа цоит, ариашарақәа ҟаҵатәхеит, убри ҳаҿуп уажәы. Аҽыԥсахра апроцесс иахымсуа акгьы ыҟаӡам. Аԥсуа бызшәа ашкол аҿы дырҵара иалагеижьҭеи 60-70 шықәса роуп иҵуа. Раԥхьа аҭҵаара ианалага, аҵарадырраҿы иҭҵаамыз азҵаарақәа ыҟан, иаҳа-иаҳа аки-аки цәыреибагоит. Реидҳәалашьа ианахәаԥшлак, ицәырҵуеит азакәан ҿыцқәа, аԥҟара ҿыцқәа. Ҳара ҳбызшәа егьырҭ раасҭа излаҿо ала иаҳа-иаҳа аԥсахрақәа ахьцо, еихьӡароуп ҳәа иԥхьаӡатәуп. Сгәы иаанагоит, аԥхьаҟа иҭызҵаауа иҭырҵаауа еиҳа даҽа хырхарҭак аиоуеит ҳәа. Аԥсахра аныҟало ауп аҿиара аныҟало», - ҳәа азгәалҭоит аҵарауаҩ абызшәаҿы иҟоу аҽыԥсахрақәа ахҳәаа рыҭауа.
Иахьа арҵаҩцәеи лареи русура атәы далацәажәауа Асмаҭ Занҭариа илҳәеит, абызшәа аҭҵааҩцәа ргәы иҵхо азҵаарақәа арҵаҩцәа русураҿы ишазгәарҭо.
«Иҟан рҵаҩцәақәак, ҳара аҵара анаҳҵоз, иаҳҳәап, арҵагатә шәҟәы иану уԥсахыр ҟалаӡом ҳәа зҳәоз. Уажәшьҭа арҵаҩцәа игәарҭо иалагеит агхақәа, уи, ҳәарада, еизҳароуп, аха урҭ рыриашара знапы алаку маҷыҩхеит, анаҩс иҟало сыздурам. Арҵагатә шәҟәқәа ирҽеитәу рацәоуп, еиҳарак аиҵбыратәи аиҳабыратәи аклассқәа реидҳәалашьа, реимадара аус зыдулатәу зҵаароуп. Арҵаҩцәа ирҳәаз иахьа зегьы анаҳҵеит, ҳазхәыцуеит. Ашәҟәы ахәыҷқәа рыклассқәа рҿы инеиаанӡа, ианеиҵаха хәышықәса аҭахуп. Аҵарауаҩ иресурс иаҳа ихьысҳахо иаауеит», - ҳәа лҳәоит абызҭҵааҩы.
Асмаҭ Занҭариа лажәақәа рыла, иахьа Апедагогика аинститут аҿы иҟоуп абызшәа ԥхьаҟа изго аидеиақәа, абызшәа теориала мацара акәымкәа, практикала ахархәарахь иаҳа ахырхарҭа аҭаны абызшәа аилкаара аус адызуло.
Ҳәарада, арҵаҩцәа рзы ари афорум, русураҿы ицәырҵуа азҵаарақәа ахьӡырыргаша ҭыԥуп. Ԥақәашьтәи ашкол арҵаҩы Изольда Санӡаа 35 шықәса ҵуеит рҵаҩыс аус луеижьҭеи. Ари азанааҭ бзиа иубароуп акәымзар, усушьа ыҟам лҳәоит лара. Ари аамҭа иалагӡаны, ларгьы ахәыҷқәа реиԥш, абызшәа арҵараҿы иаларгалоу аԥсахрақәа ҵаноуп лҵаҩцәа ишрызналого.
«Афорум даара агәахәара снаҭеит. Азҵаарақәа анцәырҵуа, изоуҳәо дыҟазароуп. Аиҭакрақәа иҟарҵо ҳара ҳзы иманшәалоуп. Зны убас темақәак ыҟан, ахәыҷқәа рызнагараҿы даара ицәгьан, уажәы ашәҟәы ҿыц аҿы иаҳа ирмарианы иҟарҵеит. Аԥышәа иаҳнарбоит, еиҭа аус зыдулатәу атемақәа шыҟоу», - ҳәа лҳәеит арҵаҩы.
Пицунда ицоит Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум. Иара иалахәуп 250-ҩык арҵаҩцәа. Ихыркәшахоит мшаԥымза 26 рзы.






