АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:35

Бадра Гәынба: ҳара иҳамазароуп здырра ҳараку, аԥсышәала ихәыцуа, ицәажәо аҿар

Абызшәа ахархәара аманы иҟаларц азы ҳара иҳамазароуп здырра ҳараку, аԥсышәала ихәыцуа, ицәажәо аҿар, убри аҟынтә ари афорум аҵак ду амоуп, ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада иқәгылараҿы.

Иара иҟаиҵеит ажәалагала, сынтәа инаркны ашколқәа рҿы ихацыркзарц аԥсуа бызшәеи алитературеи руадақәа реиҿкаара.
Аҵара министрра ирыҭоуп адҵа, аолимпиадақәа рҿы алҵшәа бзиақәа аазырԥшыз аҵаҩцәа рышколқәа маругала еиқәдыршәарц, иара убас ақәҿиарақәа аазырԥшуа афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала аҵара алызхыз адгылара рыҭазарц.

Аԥсуа бызшәазы арҵаҩцәа рфорум аатит Пицунда. Иара еиднакылеит 250 рҟынӡа Аԥсны араионқәа рҟынтә арҵаҩцәа.


Read 21 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.