АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:19

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи атәыла анапхгареи аԥшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәарҭеит

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба еицны Ҭаҭарсҭан ареспублика еиҭашьақәнаргыло аԥшаҳәа ахәҭа гәарҭеит.

Аԥшаҳәаҿы активла аусурақәа цоит, аграфик ақәныҟәаразы ҩ-бригадак аус руеит.
Иара убасгьы, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба дазааҭгылеит Идырым асолдаҭ ибаҟа азааигәара иҟоу аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы. Абаҟеи уи иаԥну аҵакыреи реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ахарџь ала.

Аиааира амш аҽны ақалақьуааи аҳҭнықалақь асасцәеи ирҿыцу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵарц, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афырхацәа ргәаладыршәарц азы аусурақәа хыркәшахоит лаҵарамза 9 аламҭалазы.


Read 30 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.