АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:29

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ашықәс зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа атуристцәа Аԥсны радыԥхьаларазы аҭагылазаашьа бзиақәа шҳамоу

Аԥсны аԥсабара ҳасаб азаҳуазар иаҳнарбоит атуристтә сезон ашықәс зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа иҟазар шауа.

Абри атәы иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥснытәи аҩы иазкыз афорум «Акаҷыҷ»аҭаараан.

Атәыла ахада иажәақәа рыла, атуристтә усхк аҽаԥсахуеит, ҳаамҭазтәи атурист иҭахрақәа еиҳа-еиҳа ирацәахеит.

«Иахьа атуристцәа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рыдагьы, ареспублика иадҳәалан адыррақәа ирышьҭоуп. Аԥсны жәлар ртрадициақәеи, ркультуреи, шьаҭас иҟаҵаны, ҳасасцәа агәалашәара лашақәа рзаанзыжьуа аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара ҳалшоит. Аха уи иаҭахуп азнеишьа ҿыцқәа. Убри азоуп атуристцәа радыԥхьаларазы атематикатә форумқәеи афестивальқәеи аус зрыдаҳуло», - ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ашықәс зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны атуристцәа радыԥхьаларазы аҭагылазаашьа бзиқәа шҳамоу.

Иахьатәи аҩы иазку афорум азырхоуп асезонтә ԥкрақәа риааиреи ҳреспублика иамоу амалқәа рӡыргареи», – ҳәа азгәеиҭеит ахада.

Гәынба иажәақәа рыла, асасдкылара аиндустриа ахала изыҿиом, уи иацҿиозар ауп аинфраструктура, атранспорт, ақыҭанхамҩа реиԥш иҟоу еизааигәоу аусхкқәа. Урҭ роуп иааизакны атуриндустриа аҿиара алзыршо.

«Аԥхынтәи аԥсшьаратә аамҭа мацараҿы ҳҽаанаҳымкылароуп. Аԥсны ашықәс зегьы асасцәа рыдкыларазы алшарақәа зегьы ҳамоуп», — иҳәеит иара.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан амилаҭтә брендқәа раларҵәара.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аԥсуа цитрустә шәырқәа Урыстәыла ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа ирыхәҭакны ишыҟалахьоу. Иара убасгьы ажәалагала ҟаиҵеит атуристцәа ареспублика иаҭаар шрылшо арҭ ашәырқәа реизгара апроцесс хаҭала ирбарц, ҽаҩраҭагалан иацу абеиара лабҿаба иалаԥшырц.

«Ҵыԥх ҳара қәҿиарала еиҿаҳкааит афеихоа афестиваль, иара убас егьырҭ атематикатә усмҩаԥгатәқәа. Агәра ганы сыҟоуп ас еиԥш иҟоу ахырхарҭақәа атуристә сезон аҳәаақәа рырҭбаара ишацхраауа. Аха еилкаауп, атурист дшымаауа аинфраструктура бзиа ахьыҟам. Убри азы ари ахырхарҭа аиӷьтәра азҵаарақәа ирылацәажәатәуп», — иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин 2026-2027 шықәсқәа рзы аҳәаа ахысразы аус зуа аԥҟарақәа рааныжьра дахьадгылаз ареспублика атуристтә хырхарҭазы алшара ҿыцқәа шаанартуа.

Иара иажәақәа рыла, аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рцәыргара ахьаҭахым акыр иармариоит ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа рзы Аԥсныҟа аара.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит иҳаҩсыз 2025 шықәса ауадаҩрақәа шацызгьы арбагақәа 2024 шықәсазтәи аҩаӡара ишеиҳахаз.

«Сергеи Владилен-иԥа излазгәеиҭаз ала, Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа ҳазҭоу асезон азы аиҵахара рыман. Уи иаҳнарбоит аҭагылазаашьа шымариам. Ҳара активла атуристцәа рзы ҳақәԥалароуп, урҭ радыԥхьаларазы азнеишьа ҿыцқәеи, аидеиақәеи, алшарақәеи рыдаагалароуп. Аҿиара аус иацҳамҵар, иҳауз алҵшәақәа еиқәымхар алшоит», - иҳәеит Гәынба.

Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит атәылаҿы имҩаԥысуа аҿиара еиԥымҟьар шакәу: «Атуризм иааиԥмырҟьаӡакәа иҿиалароуп. Убри азы аиҳабыра рнапы ианысҵеит 2030 шықәсанӡа атуристтә усхк аҿиара аконцепциа аус адыруларц. Ари аҩыза азнеишьа иалнаршоит ҳтәыла иаҭаауа рхыԥхьаӡара аизырҳара».

Иара убас, Гәынба аинфраструктура арҽеира иамоу аҵакы азгәеиҭеит.

«Ҳара агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Адлер» еиҭашьақәҳаргылоит. Уаанӡа асасцәа сааҭла аҳәааҿы игылазар акәын, уи иаауаз атуристцәа рхыԥхьаӡара ланарҟәуан. Уаҟа аҭагылазаашьа аиӷьтәра иалнаршоит аҭаара аизырҳара. Ари есыҽны аус здаҳуло азҵаарақәа иреиуоуп», - ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит ахада.


Read 28 times - Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 22:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.