АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:40

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿы атерминал ҿыц аадыртит

Аҳаирбаӷәазатә комплекс МТЛФ аҟынтәи аусура аларгара иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Савельеви атранспорт аминистр Андреи Никитини.

5 000 м² зҵазкуа атерминал ҿыц еиқәыршәоуп атәылауҩшәҟәқәа ахылаԥшра рызҭо аҭыԥқәа 20, ашәҟәҭагаларҭақәа 9, аидарақәа рыҭарҭа ҭыԥқәа ҩба рыла, сааҭк ала 400-ҩык рҟынӡа апассаџьырцәа роушьҭра алшоит. Авокзал иаԥну ашҭа акәзар еиҿкаауп, амашьынаргыларҭақәа, ауаажәларратә транспорт аангыларҭақәа уҳәа зегьы рыла иманшәалоуп.

Аеродромтә инфраструктура рҿыцуп, ҳаамҭазтәи амыругақәа ахархәара рымоуп, атерминал аҭоурыхтә хыбра аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп.

Аҟәа, аамҭалатәи атерминал аҟынтәи аԥыррақәа еиҭахацыркын 2025 шықәса лаҵарамза аказы. Иҳаҩсыз ашықәс азы Аҟәатәи аҳаирбаӷәазала иԥрит 120 нызқьҩык иреиҳахеит ауаа.


Read 31 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.