АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:04

Лаҵарамза 6 инаркны Аҟәеи Уфеи еимаздо ахырхарҭа ҿыц хацнаркуеит авиаеилахәыра «РусЛаин»

Аԥыррақәа мҩаԥыслоит мчыбжьык ахь знык: хашала Аҟәантәи Уфаҟа, ԥшьашала Уфантәи Аҟәаҟа.

2026 шықәса жьҭаарамза аҽеиҩшамҭанӡа ареисқәа мҩаԥыргалоит иманшәалоу 50 ҭыԥ змоу канадатәи аҳаирпланқәа Bombardier CRJ100/200.

Амҩа иқәхоит х-сааҭки 20 минуҭи. Абилеҭқәа рыхәԥса шьақәгылоуп 8 609 мааҭ инаркны.

«Аҟәеи Уфеи рыбжьара ареис иалнаршоит Аԥсны ауааԥсыра Башкортосҭанҟа рцара арманшәалара. Ахырхарҭа ҿыц иабзоураны аԥсшьаразы еиԥш ахатә хықәкқәа рзгьы аныҟәарақәа рхыԥхьаӡара рацәахоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ахырхарҭа атуристтә сезон аан азҿлымҳара бзиа шаиуа ала», – ҳәа ахҳәаа ҟаиҵоит авиаеилахәыра «РусЛаин»ахырхарҭақәеи аҭирақәеи рыкаҭа адепартамент адиректор Ростислав Петров.


Read 21 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.