АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:27

Зыхә шәатәу амедицинатә маҵзурақәа ахылаԥшра рыҭахоит

Аминистрцәа реилазаара агәабзиарахьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа имҩаԥырго амедицинатә цхыраара ахәԥса ахылаԥшра аҭаразы ақәҵара аднакылеит.

Аӡбамҭа азырхоуп ахәԥҵәақәа асистема рзура, зыхә шәатәу амедицинатә маҵзурақәа рхылаԥшра арӷәӷәара.

Аусшәҟәы инақәыршәаны ишьақәырӷәӷәоуп зыхә шәатәу амаҵзурақәа рыхәԥса аилкааразы иаку аԥҟара. Ахәԥса ацҵа ашәагаа шьақәдыргылеит: уи 30 процент еиҳамзароуп.

Аԥҟара ҿыц инақәыршәаны:

рашәарамза 1, 2026 шықәса инаркны аҳәынҭқарратә медицинатә усҳәарҭақәа рҿы аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи зыхә шәатәу амедицинатә цхыррара рыҭахоит(иааиԥмырҟьаӡакәа анхара азин ала Аԥсны инхо аламҵакәа). Хырԥашьа змам аҭагылазаашьақәа раан ацхыраара хәыда-ԥсада имҩаԥыргалоит.
Аԥсны атәылауааи анхаразы азин змоу ахаҿқәеи рзы зыхә шәатәу амаҵзурақәа ирызку аԥҟара ҿыц ала аусура иалагоит Аминистрцәа Реилазаара хәыда-ԥсадатәи амедицинатә цхыраара асиа анышьақәнарӷәӷәалак ашьҭахь(30 мшы анҵлак).

Агәабзиарахьчара аминистрра анапынҵа аҭоуп 2026 шықәса лаҵарамза акынӡа зыхә шәатәу амаҵзурақәа рсиа шьақәдырӷәӷәарц.

Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра анаҭарц адҵоуп агәабзиарахьчара аминистрра.


Read 19 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.