АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:42

Аминистрцәа реилазаара абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба 2025 шықәсазтәи раҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит

Хәажәкырамза 30 рзы аминистрцәа реилазаара абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба 2025 шықәсазтәи рбиуџьетқәа рынагӡаразы аҳасабырбақәа шьақәнарӷәӷәеит.

1992-1993 шш.Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рбиуџьетнҭыҵтәи Аҳәынҭқарратә фонд 2025 шықәсазтәи аҳасабырба:

ахашәалахәқәа — 273 млн 588,6 нызықь мааҭ;
ахарџьқәа — 257 млн 924,8 нызықь мааҭ.

Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәсазы афонд аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи иаанханы иҟан – 22 млн 62,9 нызықь мааҭ.

Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса афонд

Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы афонд аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи иаанханы иҟан 9 млн. 500,8 нызықь мааҭ.

2025ш. аихшьалақәа рыла афонд абиуџьет арбага хадақәа абас иҟоуп:

ахашәалахәқәа — 98 млн 693,9 нызықь мааҭ;
ахарџьқәа — 90 млн 445,9 нызықь мааҭ.

Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәсазы афонд аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи иаанханы иҟан 17 млн 748,8 нызықь мааҭ.

Афонд аԥаратә хархәагақәа рӷьырак шьҭын:

астационар аҿы ахәытәра иахысуаз зцәа зтәым, ма ахшара дзауа аҳәса, хәшәылеи медицинатә аалыҵлеи реиқәыршәаразы;
аонкологиатә чымазаҩцәа хәшәыла реиқәыршәаразы.

Атәанчахәытә фонд

Аҳасабырба инарықәыршәаны, афонд абиуџьет анагӡара иартәеит:

ахашәалахәқәа — 2 млрд 26 млн 821,1 нызықь мааҭ;
ахарџьқәа — 1 млрд 859 млн 79,7 нызықь мааҭ.

Атәанчахәытә фонд 2025 шықәсазы ахарџьқәа реиҳарак аҳәынҭқарратә тәанчахәқәа ианаамҭоу ршәара иазырхан.

Амҩатә фонд

Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы афонд аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи иаанханы иҟан 12 млн 126,1 нызықь мааҭ.

2025 шықәсазы афонд афинанстә рбага хадақәа:

ахашәалахәқәа -140 млн 976,9 нызықь мааҭ;
ахарџьқәа — 141 млн 930,6 нызықь мааҭ.

Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәсазы афонд аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи иаанханы иҟан 11 млн 172,4 нызықь мааҭ.

Амҩатә фонд аԥаратә хархәагақәа дәықәҵан, амашьына мҩақәа реиҭашьақәыргылареи, иара убас ареспубликаҿы амҩатә шәарҭадара аиҿкаареи рзы.

Арепатриациа афонд

Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы афонд аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи иаанханы иҟан 6 млн 333,5 нызқь мааҭ.

2025 ш. аонд абиуџьет ахашәалахәы иартәеит 351 млн 19,6 нызқь мааҭ. Ахарџь иартәеит 343 млн 759,6 нызықь мааҭ.

Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәсазы афонд аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи иаанханы иҟан 13 млн 593,5 нызықь мааҭ рҟынӡа.

Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд

2025шықәсазтәи аихшьалақәа рыла афонд ахашәалахәы иартәеит 266 млн 790,5 нызықь мааҭ, убри аан ахарџьқәа 257 млн 124,8 нызықь мааҭ.


Read 12 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.