АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:06

Тҟәарчал Ашахтиор ибаҟа аиҭашьақәыргылара иалагеит

Тҟәарчал ақалақь асимвол хадақәа ируаку Ашахтиор ибаҟа аиҭашьақәыргылара иалагеит, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.

Тҟәарчалаа рзы абаҟа аҵак ҷыда амоуп. Уи абиԥарақәак рџьатә гәазыҳәареи ақалақь-фырхаҵа ауааԥсыра ргәымшәареи ирсимволуп. Абаҟа аиҭашьақәыргылара араион аиҭарҿиара апрограммаҿы акрызҵазкуа хҭысуп.

«Тҟәарчал араион ахада Герман Каҷараа инапынҵала ари аобиект шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара ҳалагеит. Ахаҳәтә шьаҭа арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥысуеит, иара убасгьы абаҟа еиҷаҳаны еиҭашьақәыргылахоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит араион архитектор хада Автандил Хоштариа.

Араион ахадараҿы инаҵшьны иазгәарҭеит абаҟа аиҭашьақәыргылара ақалақь ахаҿра арҿыцразы аусурақәа ишрыхәҭаку. Араион анапхгара ргәы иҭоуп аҵакы змоу абаҟақәеи архитектуратә обиектқәеи реиҭашьақәыргылара.
«Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Тҟәарчал аҭоурыхтә хаҿра амырӡра, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ҳҭоурых агәалашәара аиқәырхара», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ахадара ахаҭарнак.


Read 15 times - Ашәахьа, 30 Хәажәкыр 2026 13:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.