АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2022

ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АҴАРАУАҨ-АҬОУРЫХДЫРҨЫ, АԤСУА ЖӘЛАР РМИЛАҬ-ХАҚӘИҬРАТӘ ҚӘԤАРА АВЕТЕРАН ЕРМОЛАИ АЏЬЫНЏЬАЛ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  90-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-аҭоурыхдырҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран Ермолаи Аџьынџьал.  

Ермолаи Кесыгә-иԥа Аџьынџьал диит рашәарамза 28, 1933 шықәса рзы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан.

Ԥақәашьтәи абжьаратәи ашкол даналга ашьҭахь, арратә уалԥшьа нагӡаны даныхынҳә, 1957 шықәсазы дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зху Ставропольтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аԥсуа ҟәша, дагьалгеит уи 1961 шықәсазы.

Адәаӡаҿы активла аусуразы акомсомол Анагӡаратә Комитет Хадеи Казахсҭан Иреиҳаӡоу Асовети раҳаҭыртә шәҟәқәа ианашьан.

Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа даналга ашьҭахь Ермолаи Аџьынџьал аус иуан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә Институт аҿы. Уи напхгаҩыс диман аҟазарадырра адоктор  Лео  Шервашиӡе.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Ермолаи Аџьынџьал аус иуан Ҭҟәарчал ақалақь аҿы апионерцәеи ашколхәыҷқәеи Рыҩны адиректорс, Очамчыратәи араионтә газеҭ «Акоммунизм ахь» алитературатә усзуҩыс, Ҭҟәарчалтәи ашахта № 2 адгьылаҵантәи ашьхаусзуҩыс.

Аҵарауаҩ инысымҩа аҿы акыр аҭыԥ ааннакылоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи. 1968 шықәса инаркны иара араҟа, абжьаратәи ашәышықәсақәа рҭоурых аҟәша аиҳабы имаҵураҭыԥгьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым амаҵураҭыԥқәа рҿы анаука-ҭҵааратә усура мҩаԥигон. Аҵарауаҩ илагала дууп аҭыԥантәи амузеитә усура аҿиара аҿы.

1995 шықәсазы Ермолаи Аџьынџьал Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт аҭоурых аҟәша анаукатә усзуҩыс дрыдыркылеит.  

Ермолаи Аџьынџьал Аԥсны Апарламент аҩбатәи ааԥхьара адепутутас дыҟан.

Уи илагала дууп аԥсуаҭҵаара аҿы, ахәҭакахьала, аҭыԥантәи ахыҵхырҭадырра аус аҿы. Икьыԥхьуп жәларбжьаратәи азин азҵаарқәа ирызкны Ермолаи Аџьынџьал инапы иҵыҵыз астатиақәа жәпакы.  

Анаукатә еилазаара аҿы ас еиԥш иҟоу аҭоурых ҭҵаарақәа рактуалра изныкымкәа иазгәарҭахьеит. Урҭ астатиақәа иреиуоуп «Аҭоурыхтә аԥсуаҭҵаара априоритетқәа рзы»  «Аԥсуа ҳәынҭқарразаара аҭоурых аҟынтәи», Аԥсны ақьырсианра аҭоурых аҟынтәи», «Аԥсуа реконкистеи жәларбжьаратәи азини», уҳәа убас егьырҭгьы.

Асовет аамҭазы ажурнал «Ажәытәӡатәи аҭоурых адырраҭара» аҿы икьыԥхьын уи еицырдыруа иусумҭа «Кавказ заавизантиатәи адипломатиа аспект азы». Астатиа «Аԥсуаа рҿы аиха акульт азы» ЮНЕСКО аԥшьгарала аиталиан, афранцыз, англыз, уҳәа абызшәақәа рыла атезисқәа раҳасабала Италиа икьыԥхьын.

Иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа инаркны иара активла аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын. Асовет аамҭазы атәыла Иреиҳаӡоу анапхгара ахь идәықәҵахоз акыр зҵазкуа аполитикатә ажәахәқәа реиқәыршәара хаҭала далахәын. Иполитикатә гәаанагарақәеи активла инаигӡоз азинхьчаратә усуреи  рзы акыр ауадаҩрақәа дрықәшәахьан.

«Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара орден ианашьоуп. 


Read 424 times - Аҩаша, 25 Жьҭаара 2022 18:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.