АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:56

Азамаҭ Чуаз: иҟоу абиуџьеттә система иалнаршом ақалақь аҿиашьа азԥхьагәаҭара

Афон Ҿыц адепутатцәа реизара ахантәаҩы Азамаҭ Чуаз Пицундеи Афон Ҿыци рбиуџьеттә шьақәгылашьа аиӷьтәразы аԥшьгара ахҳәаа ҟаиҵеит «Аԥсныпресс» аинтервиу анаиҭоз.

Азамаҭ Чуаз иажәақәа рыла, 2026 шықәсазы ақалақь абиуџьет 97 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аха иҟоу афинансқәа реихшаратә система аҵакырақәа рыҿиараҿы алшарақәа ԥнакуеит.

«Аҳәынҭқарра ахада инапынҵала иаԥҵан акомиссиа, уи хантәаҩыс даман аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба. Ари аҩыза аԥшьгара ҟарҵеит Пицундатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа, ҳара ҳаиқәшәаны  ҳилацәажәеит, иагьаҳаӡбеит аидеиа еицынаҳагӡарц», — ҳәа азгәеиҭеит Чуаз.

Ареформа хықәкы хадас иамоуп Афон Ҿыц аҭыԥантәи азинмчхарақәа рырҭбаареи аусбарҭа аусура арццакреи.


Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.