Ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Афырхацәа Сергеи Дбар, Сулҭан Сосналиев, Гиви Агрба, Мушьни Хәарцкьиа, Владимир Аршба рбиустқәа рҿгьы.
16.Хәажәкыр.2026
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит атәыла анапхгара
Аҟәа ахақәиҭтәразы хәажәкырамзазтәи ажәылараҿы иҭахаз ргәалашәаразы Аҟәа ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз , атәыла анархгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәларра.






