АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:42

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса хәажәкырамза 8 аныҳәа рыдырныҳәалеит Аҟәа араион Ахадараҿы

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азгәаҭара аламҭалазы Аҟәа араион Ахадара анапхгареи Аҟәа араионтә Еизареи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.) иалахәыз аҳәса аныҳәа рыдырныҳәалеит.

«Шәара ахацәа шәрывагылан агәымшәара аашәырԥшит. Еиқәшәырхеит ҳаԥсҭазаара, Ҳаԥсадгьыл. Ҳара ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, еиҵагыло аҿар иреилҳаркаауеит шәџьабаа зеиԥшроу. Аҭынчра аамҭазгьы ҳтәыла аҿиара шәацхраауеит. Шәадныҳәалаз! Агәабзиареи, ашықәс нҵыра рацәеи, аҭынчреи шәзеиӷьасшьоит», — иҳәеит араион анапхгара ахада Алхас Ҷыҭанаа.

«Шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа шәџьабаазы гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Ҳҳәынҭқарра аиқәырхареи аизҳазыӷьареи рҿы шәлагала ахә ашьара уадаҩуп. Иаашәырԥшыз ахамеигӡара иабзоураны, ҳара аҭынч аамҭа агәахәара ҳзаанагартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамоуп», — ҳәа азгәеиҭеит араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭамыр Аҩӡба.

Аофициалтә усмҩаԥгатә аан аҳәса аԥаратә ҳамҭақәеи ашәҭ шьыҵәрақәеи рырҭеит.

Аиԥылара ашьҭахь акультура Аҩнаҿы ансамбльқәа «Гәымеи», «Гәымсҭеи» злахәыз аконцерт мҩаԥыргеит.


Read 74 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.