АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Жәабран.2026

Бадра Гәынба Максим Решетников иареи реиԥылара ахҳәаа азиуит

«Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны злахәу аекономикатә проектқәа жәпакы мҩаԥнагоит, урҭ иҭышәынтәалоу ашәахтәқәҵаратә шьаҭа аԥҵареи аусуратә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аизырҳареи ирзынархоуп. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, ахшаалыҵ азауад – арҭ зегьы ҳусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны идыргылаз аобиектқәа роуп», – ҳәа иҳәеит Гәынба.

Иара убасгь, иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара наҟ-наҟтәи аҿиара апрограмма шышьақәгылоу.

«Аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, хымԥада, ҳаззааҭгылаша ахырхарҭақәа ыҟоуп. Уи акредит ҷыда аҭара апрограмма ацҵара, имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара рыҭара ауп», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.


Read 40 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.