АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жәабран.2026

Ақыҭанхамҩа аҿиара амилаҭтә шәарҭадара иадҳәалоуп

Абри атәы лҳәеит Ауаажәларратә Палатаҿы имҩаԥысуа аилацәажәара «Аизҳазыӷьара аҵакыра: асоциал-економикатә ҿиаразы астратегиа» аҿы, ААУ арҵаҩы Илона Мерцхәлаа.

Лара лгәаанагарала, ақыҭа еиқәнархоит аидеологиа, акультура убри аҟнытә уи цхыраагӡатә нхамҩак аҳасабала адкылара иашам.

«Иахьа араионқәа акризис ӷәӷәа иҭагылоуп: аҿар ақалақьқәа рахь нхара ииасуеит, уаҟа иажәу ауааԥсыра рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәоуп, атәыла мраҭашәаратәии мрагыларатәии ахәҭақәа рыбжьара иҟоу аекономикатә еиԥшымзаара ӷәӷәоуп», – ҳәа азгәалҭеит лара.

Ақыҭа ацхыраара ихадоу милаҭтә проектны иҟаларц ахәҭоуп, адиплом зауз аҿар рқыҭақәа рахь ихынҳәыртә еиԥш аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа агәаанагара лымоуп ажәахәҟаҵаҩ.

«Аӡбамҭақәа ақалақьтә уадақәа рҿы акәымкәа, «адәаҿы» зыԥсы ҭоу адиалог иарҿиалароуп. Аҭҵаарадырреи, амчреи, ауаажәларреи ракзаара иабзоурахоит араионқәа рекономика аҿиареи атәыла иуникалтәу акультуратә ҭынха аиқәырхареи» -лҳәеит лара.


Read 226 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.