АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жәабран.2026

Аԥырҩы дызҭам ахархәага Гагра араион аҿы икаҳаит

Гагра араион, Мамзышьха, актәи аԥшырҭатә ҭыԥ аҿы аԥжәара ҟалеит. Иҟоу адыррақәа рыла, аԥжәара зыхҟьаз аԥырҩы дызҭам ахархәага акаҳара ауп.

Аҭыԥ ахь ԥшрак ҟамҵакәа инеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзурақәа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрреи русзуҩцәа.

Аԥжәара ахьыҟалаз аҵакырадгьыл агәаҭараан ирыԥшааит аԥырҩы дызҭам ахархәара аԥҽыхақәа.

Уажәазы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрра аппарат аԥҽыхақәа зегьы агәаҭарахь идәықәырҵоит, аԥырҩы дызҭам ахархәага ахкы ашьақәыргыларазы, уи ахьҭыжьу, насгьы аԥырра ахықәкы аилкааразы.

Иҟалаз аԥжәара аԥхасҭа ҟанамҵеит. Атәыла амчратә усбарҭақәа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы русура иацырҵоит.


Read 412 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.