Аекспозициа иалалеит аԥсуа бзазара аелементқәа зныԥшуа асахьақәа. Апеизаж, атрадициатә маҭәа зшәу абыргцәеи аҳәсеи злахәу асценақәа, уҳәа ирацәоуп иӡыргоу.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Гагра араион ахадара акультура аҟәша, Т.Кәакәасқьыр ихьӡ зху акультура Аҩны апроект «Ҳааигәара инхоу абаҩхатәра» аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит 2026 шықәса жәабранмза 22-нӡа.






