«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәымшира!
Ҳтәылақәа рыбжьара ганрацәалатәи аусеицуреи ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи рырҿиаразы иҟашәҵо адгылара ахә ҳаракны иаҳшьоит», – ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы. Лаша Ашәба аусеицура ацҵара дшазхио азгәеиҭеит.
Виачеслав Володин изеиӷьишьеит агәабзиара, агәамч, азакәанԥҵаратә усураҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи.






