АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2022

АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АРЕСПУБЛИКА АҾЫ АЗИНЕИЛАГАРАҚӘА РАԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЗЫ АГӘАҬАРАҚӘА МҨАԤНАГОИТ.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иҟаиҵаз адҵа ала, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ареспублика аҿы азинеилагарақәеи амҩа-транспорттә ԥҟарақәа реилагареи разԥхьагәаҭареи рыԥхьырҟәҟәаареи ирызкны агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа нанагӡоит. Иԥаршеиу аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дыргақәа рыҟазаара, автомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцара анормақәа реилагара, уҳәа амҩа-транспортә ԥҟарақәа ӷәӷәала реилагара иадҳәалоу афактқәа аарԥшхоит.

Амилициа аусзуҩцәа иара убас изакәанымкәа зыиагара ҟамло амаҭәарқәа, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа, иҭҟьо амцабџьар, аџьаԥҳаны, уҳәа рыҟазаара азы автотранспорттә хархәагақәа гәарҭоит. Аусеилыргаратә шьҭазаара иаҵанакуа ахаҿқәа рзы ирымоу адыррақәа рышьақәырӷәӷәара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. 

Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада аҟәшеиҵақәа, ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи.    

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа ауааԥсыра иргәаланаршәоит апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа зегьы рхықәкы хаданы ишыҟоу излауа ала ирацәаны амашьынарныҟәцаҩцәа  амашьына арныҟәцаразы аршаҳаҭга рымхра акәымкәа, амҩа-транспортә ныҟәара иалаху зегьы аҭакԥхықәра аадарԥшларц, иара убри ала амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара агырхареи шаку. 

Ас еиԥш иҟоу акомплекстә усмҩаԥгатәқәа ареспублика араионқәа зегьы рҿы лассы-лассы имҩаԥысуеит. Ареидтәии апрофилактикатә аусмҩаԥгатәқәа рзы инарҭбаау адыррақәа есыҽны Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы икьыԥхьхоит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

 

 


Read 314 times - Аԥшьаша, 20 Жьҭаара 2022 15:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.