«Аколоннада ҳақалақь ахаҿра ауп, ҳара иаҳуалуп уи есқьынагьы ахылаԥшра. Иахьа ҳусзуҩцәа имҩаԥыргоит планла иарбаз арыцқьарақәа. Архитектуратә баҟа ахаҿра аиқәырхаразы ҳхы иаҳархәоит ԥырхага ҟазымҵоу аӡәӡәага техника», — ҳәа азгәеиҭеит Ешба.
Аҟәатәи Аколоннада аҳҭнықалақь аҿы еицырдыруа аҭыԥқәа ируакуп. Акаҳуажәырҭа «Брехаловка» азааигәара иҟоуп. Анеоклассикатә стиль змоу ари Аколоннада ргылан 1948 шықәсазы.






