АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2022

ААУ АКТӘИ АПРОРЕКТОР ВИКТОР МАЛАНӠИА ИԤСЫЖРА АИҾКААРАЗЫ АКОМИССИА АԤҴОУП.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукааша анаука аусзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу аҵараиура аусзуҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет актәи апроректор, апрофессор, Виктор Илиа-иԥа Маланӡиа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥсыжра аиҿкааразы акомиссиа аԥҵара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.  

ААУ аректор Алеко Гәарамиа напхгара зиҭо акомиссиа аилазаара иалалеит:

Адлеиба Д.Иа., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апроректор.

Амқәаб Г.А., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор иабжьгаҩ, акафедра анапхгаҩы,

 Ӷәынџьиа М.Х., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апроректор,

 Гогәуа М.Л., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет абиолого-географиатә факультет адекан,

 Дбар Р.С., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет акафедра анапхгаҩы,

Сангәылиа Д.Р., Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы,

Сурманиӡе А.А., Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ.

Жьҭаарамза 21 азы Аҟәа ақалақь, Арҵаҩы –Иҩны аҿы аԥсы дызҭоу аҭоубыҭ ықәыргылахоит, алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥгахоит. Аԥсы ддәылыргоит асааҭ 14:00 рзы. Аԥсы анышә дамадахоит Очамчыра араион, Тамшь ақыҭан   


Read 286 times - Аԥшьаша, 20 Жьҭаара 2022 14:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.