АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2022

АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА ИАХӘАԤШИТ, АКТӘИ АԤХЬАРААН ИРЫДЫРКЫЛЕИТ АРЕСПУБЛИКАТӘ БИУЏЬЕҬ АЗЫ АЗАКӘАН.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит «Ареспубликатә биуџьеҭ азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

«Иарбоу азакәан апроект иҟоу абиуџьеттәии ашәахтәии азакәанԥҵара, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыӡбамҭақәа, аҳәынҭқаррабжьаратәии анапхгарабжьаратәии аиқәшаҳаҭрақәа рыла ишьаҭарку ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи адефицити ршәагааи рыструктуреи ариашарақәа алазгало 2022 шықәсазы Ареспублика Аԥсны абиуџьеҭ аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.

2022 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ азеиԥш шәагаа ахашәалахәқәа рыла иазԥхьагәаҭоу аицҵалыҵ 12 150 159,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа рыла уи  аицҵалыҵ – 13 555 193,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит еиҵатәоуп 1 405 033,5 нызықь мааҭ рыла.

Зыдгалара мҩаԥгоу азакәан апроект аҿы Ареспубликатә биуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа  9 763 649,9 нызықь мааҭ рҟынӡа аилыркааратә риашара алагалоуп.  

2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ иззыԥшу ахашәалахәқәа рынагӡара ахәшьара аҭарала  иазԥхьагәаҭоуп  351 417,6 нызықь мааҭ рҟынӡа иназыцҵоу ахатәы хашәалахәқәа ралагалара. Убас:

– Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иҭыжьхо атауарқәа, инагӡахо аусурақәа, амаҵзурақәа рзы иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә (НДС) аҳасабала 166 000,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;

– Аԥсныҟа ииагахо атауарқәа рзы иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә аҳасабала 104 971,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;

–адәныҟаеконоикатә усура аҟынтәи ахашәалахәқәа раҳасабала 22 098,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;

– аҳәынҭқарратә баџь аҳасабала 22 022,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;

– аҳәынҭқарратә хатәра аҿы иҟоу амазара ахархәара аҟынтәи ахашәалахәқәа раҳасабала 300,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;

– амҭәартәии иԥара-шьарам активқәеи рҟынтәи ахашәалахәқәа раҳасабала 1 000,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;

– аԥсабаратә ресурсқәа рхархәара азы ашәатәқәа раҳасабала 10 558,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;

– административтә шәатәқәеи аизгақәеи раҳасабала  7 223,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;  

– ахараԥсақәа, асанкциақәа, азарал ахарҭәаара, уҳәа раҳасабала 15 943,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;

– Аԥсны Аҳәынҭқарра арезидентцәа рҟынтәи ихәыда-садоу алагалақәа раҳасабала 1 300,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;.

Иара убас, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура  азы Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа ацхантәаҩыцәа хәажәкырамза 11,2022 шықәса рзы ирыдыркылаз рыӡбамҭа ала,  2022 шықәазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ианаҭо афинанстә цхыраара ашәагаа еилыркааны ишьақәырӷәӷәахеит.

Ареспубликатә биуџьеҭ аныхтә хәҭа азеиԥш шәагаа 861 893,8 нызықь мааҭ рыла еизҳауеит, иагьынаӡоит 10 895 626,4 рҟынӡа. Урҭ рахьынтә:  

– 543 165,2 нызықь мааҭ – Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара – 318 728,6 нызықь мааҭ – Аԥсны азакәанԥҵара, аҳәынҭқаррабжьаратәии анапхгарабжьаратәии аиқәшаҳаҭрақәа рыла ишьақәыргылахо аныхтә биуџьеттә хыдҵақәа.

Иарбоу 318 млн 728,6 нызықь мааҭи рҟынтәи:

– 5,9 млн. мааҭ ­ Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аусура афинанстә еиқәыршәара ахь идәықәҵахоит;

– 109 млн. мааҭ – Аԥсны Аҳәынҭқарра ирезервтә Фонд аизырҳара ахь идәықәҵахоит;

– 2 млн. мааҭ  – «Аԥсны аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа» ахәыҷтәы литература аҭыжьра азы ахықәкы хадақәеи афункциақәеи рынагӡара азы афинанстә еиқәыршәара ахь идәықәҵахоит;

– 450 нызықь мааҭ –  агуманитартә зҵаарақәа рзы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадара азы Аҳәынҭқарра Ахада азинмчы змоу Ихаҭарнак Иаппарат ахықәкы хадақәеи афункциақәеи рынагӡара ахь идәықәҵахоит;

– 3 млн 343,9 нызықь мааҭи  – астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы изамҭанытәиу аусура афинанстәра ахь идәықәҵахоит.

– 10,7 млн. мааҭ – апрокуратура аусбарҭақәа рныҟәгара азы ахарџь ахарҭәаара азы Апркуратура Хада ахь идәықәҵахоит;

– 49 млн. мааҭ  – Аекономика Аминистрра ахь (4 млн. мааҭ – азԥхьагәаҭара апроцесс автоматизациа азы апрограмма-аппараттә комплексна аԥҵара азы);

–  25 млн. мааҭ  –  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» азы аенергетикатә усхкы адгылара аҭара аҳасабала;

– 20 млн. мааҭ – Ареспубликатә Унитартә Наплакы  «Аԥснымҩа» ареспублика автомҩақәа рҿы адыргақәа рыҟаҵара азы;

– 2,4 млн. мааҭ  – аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахь аелектрон-цифратә напынҵа (афлешкартақәа раахәара азы) алагалара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара азы адәықәҵара;

–  804,7 нызықь мааҭ – ақыҭақхамҩа Аминистрра ахь Аминистрра аусзуҩцәа руалафахәы рызшәара зы ахарџь ахарҭәаара азы идәықәҵахоит;

– 54 млн. мааҭ  – Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра ахь;

– 300 нызықь мааҭ – аекологиа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахь ашыцмца аҿагылара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара азы идәықәҵахоит;

– 52,63 млн. мааҭ – Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахь (2,63 млн. мааҭ –  қьырала изыҩноу ауадақәа рыхәԥса ашәара, 30 млн. мааҭ – атәылауаа Аԥсны анҭыҵ рыхәышәтәра азы, 20 млн. мааҭ – Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәа рзы еизакны ахәшәқәеи аныхтә материалқәеи раахәара азы идәықәҵахоит);

– 6,3 млн. мааҭ – акультура Аминистрра ахь иарбоу  Ахылаԥшырҭа аусура афинанстә еиқәыршәара азы идәықәҵахоит;  

– 1,4 млн. мааҭ – зақәрахь инеихьоуи аинвалидцәеи рзы Аҩны-интернат ахь идәықәҵахоит;

– 20 млн. мааҭ – абиужьетбжьаратәи атрансферт Атәанчаҩратә Фонд ахь асоциалтә фатәқәа  (атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи) рфинанстәра азы идәықәҵахоит.

«Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә банк аҟынтәи акредит аиура» аганахьала Ареспубликатә аҩныҵҟатәи амԥсахра ашәагаа 627 969,3 нызықь мааҭ рҟынтәи 508 000,0 нызықь мааҭ рҟынӡа еиҵахеит.  

Ареспубликатә биуџьеҭ аиҭакрақәа ралагалара инамаданы адепутатцәа имаҷымкәа азҵаарақәа ахьрызцәырҵаз иахҟьаны, урҭ азакәан апроект актәи аԥхьараҿы ирыдыркыларц, иааиуа апрофилтә еилакы аилатәара аҿы афинансқәа Рминистрра иҟанаҵаз ажәалагалақәа зегьы инҭкааны, детал-деталла ахәаԥшреи алацәажәареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 376 times - Аԥшьаша, 20 Жьҭаара 2022 13:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.