АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:37

Урыстәылантәи асоциалтә фымцамч аашьҭра аҿҳәара ацҵаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои реиԥылараан, Урыстәылантәи асоциалтә фымцамч аашьҭра ацҵаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аиԥылара мҩаԥысит Москва, уаҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада усуратә визитла дыҟоуп.

«Аиԥылара иалҵшәахеит Урыстәылантәи асоциалтә фымцамч аашьҭра аҿҳәара ацҵара. Уажәы иаарышьҭуа афымцамч ажьырныҳәамза аказы ихацыркын, иааныркылараны иҟан ажьырныҳәамза 25 рзы», – ҳәа аҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа ителеграм-канал аҟны иҟаиҵаз анҵамҭаҿы.

Иаарышьҭран иҟоу афымцамч амҽхаки уи иадҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәан Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак иԥылараан.


Read 47 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.