АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 2:04

Аҟәа иаатит Баҭал Џьапуа ицәыргақәҵа «Нарҭа рыҩны»

Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ицәыргақәҵа аатит.

Амилаҭтә епоси ажәабжьҳәаҩ Маадан Сақаниа иепикатә ҭынхақәеи ихадоу рхаҿсахьақәа сахьаркырала ирызнеиуп. Аҭааҩцәа ирбар рылшоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥҵоу 120 инареиҳаны аусумҭақәа.

Ацәыргақәҵатә зал хада анапхгаҩы Ельвира Арсалиа иазгәалҭеит апроект иамоу актуалра, илҳәеит амилаҭтә ҟазшьа змоу ауадаҩрақәа шцәыргоу. Лара лажәақәа рыла, Баҭал Џьапуа илшеит асиужетқәа реиҭаҳәаразы иуникалтәу асахьаркыратә бызшәа аԥҵара.

«Ацәыргақәҵа асахьаҭыхҩы-аҭҵааҩы иналукааша ипроект ауп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥиҵеит тема хадак еиднакылоу арҿиамҭақәа», – лҳәеит Ельвира Арсалиа.

Асахьақәа рсиужетқәа ажәытә мифқәеи ақьабзқәеи ирызкуп, ихадоу фырхацәаны иқәгылоит Саҭанеи-Гәашьа, Аинар-жьи, Нарҭ Сасрыҟәа, Кәын, Қьеҭуан уҳәа убас егьырҭгьы. Ҿырԥштәыс иаҳгозар, «Гәында лашьцәа рыжәҩа аҵаҟа» захьӡу аусумҭаҿы автор дааирԥшит аҭыԥҳа, уи иаалыкәыршан игылоуп аибашьцәа, «Аеҵәа кыдызԥаауа» ҳәа хыс измоу аҭыхымҭаҿы иаҳбоит аепос аҟнытәи хҭыск. Уаҟа Сасрыҟәа иашьцәа рзы аеҵәа кыдиԥаауеит.

Ацәыргақәҵа иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аҵара аминистр Хана Гәынба, Жәлар Реизара адепутатцәа.


Read 48 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.