«2022 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
«Агеодезиатәи ахсаалҩыратә усуреи анаӡааӡаратә рбагақәеи рзы»;
«Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Натела Ломиа.
Ирыхәаԥшит, иагьрыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ақәҵарақәа:
«Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада, Апарламентбжьаратә еидгыла, Европатәи апарламенти Европа аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Украина иахылҿиаауа ашәарҭаразы адунеи апарламентқәа рышҟа иҟарҵо Ааԥхьара адгылара аҭаразы» Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Арзаҳал азы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа аҽрымадарази аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц.
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилакқәа рыҟны аусуразы делегатцәас рышьҭразы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан.
«Ашәахтәтә закәанԥҵараҟны аԥсахрақәа разырхиара иазку Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аусуратә гәыԥ азы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу иаппарат 2023 шықәсазтәи абиуџьеттә харџьынҵа ашьақәыргыларазы».
«2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аныҟәгаразы аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ ашьақәыргыларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.