АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынҷкәын.2025

Олег Барцыц: аекономика — аҳәынҭқарратә инициативақәа зегьы рыҿиаразы уасхырны иҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент ахь инашьҭымҭа дахцәажәо уи астратегиатә гәылҭәаара азгәаеиҭеит. Аминистр игәаанагарала, аусшәҟәы атәыла аԥсҭазаара ихадоу ахырхарҭақәа арбоуп, араҟа ареформақәа зегьы рышьаҭаны иарбоуп аекономика арӷәӷәара. Еиҳа ихадоу аусхкқәа рыбжьара Олег Барцыц иаликааит атуризми ақыҭанхамҩеи.

Аминистр ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит арегионқәа адгылара рыҭара. Уи аԥсуа қыҭақәа ажәлар ркультуратәи рдоуҳатәи аҷыдаҟазшьа злашьақәгылоу ауасхырны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, ақыҭатә инфраструктура ахь аҳәынҭқарратә нвестициақәа ралагалара уажәгьы раԥхьатәи аеффект аанарԥшуа иалагахьеит, икьаҿуи ибжьаратәуи аперспектива аҿы уи ақыҭатә ҵакырақәа иҭышәынтәалоу рыҿиара ахь икылнагоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инашьҭымҭа дахцәажәо аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц  иара убас Аҳәынҭқарра Ахада иаликааз ахырхарҭақәа (аориентирқәа) адипломатиатә усураҿы анагӡара иалагахьеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҷыдалкаатә ҟазшьа амоуп Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара астратегиатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара: Сергеи Лавров ҩынтә иԥыларақәа рылҵшәақәа аусеицуразы иҿыцу алшарақәа аԥырҵоит.

2026 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҿыцу арегионқәа рҿы аглобалтә инициативақәа рынагӡарала  жәларбжьаратәи аусура аҳәаақәа рырҭбаара азԥхьагәаҭаны иамоуп. Ари аусура ахықәкы хаданы иҟоуп  – Аԥсны жәларбжьаратәи аилазаара ззин наӡоу алахәыла аҳасабала астатус арӷәӷәара. 


Read 16 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.