Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ақәҵарала Аԥсны Абанк 2026 шықәсазтәи аныхрақәа рхарџьынҵа иацҵоуп: 100 млн. мааҭ рҟынӡа — абанкнотқәеи аԥараҿырпқәеи рҭыжьра азы, иара убас 17 млн. мааҭ — аусура аиҿкаареи аулафахәы ашәареи рзы. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Беслан Бараҭелиа иажәақәа рыла уаҟа ихадоу хәҭоуп — аемиссиатә усуразы аныхрақәа рыхәҭаҷ 100 миллион мааҭ рҟынӡа ацҵара.
Уи анаҩс, аоперациатә усуразы аныхрақәа 17 млн. мааҭ рыла еиҳахоит, иара убас Амилаҭтә Банк аусзуҩцәа рулафахәы ашәаразгьы аныхрақәа ирыцлоит.