«Ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа! Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Шәара, урыстәылатәи ателееилахәырақәа рнапхгаҩцәа, иара убас шәнапхгара аҵаҟа аус зуа арҿиаратә коллективқәа зегьы ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Ареспублика Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра азгәаҭара амшқәа рзы инарҭбааны имҩаԥыргаз аинформациатә цхыраара азы.
Актәи аканал аҿы Ателехәаԥшратә документалтә фильм «Ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп! Владислав Арӡынба», аинформациатә канал хада «Россия 24» аҿы иҷыдоу арепортаж «Владислав Арӡынба. Актәи. Иалкаау», ателееилахәыра «Звезда» аҿы иҷыдоу арепортаж «Зегьы иара ивагылеит. Арӡыба ахьыԥшымра дшазықәԥоз», иара убас урыстәылатәи афедералтә каналқәеи Аинформациатә маҵзурақәеи рҿы хыԥхьаӡара рацәала иҟаз арепортажқәеи аинформациатә ҭыжьымҭақәеи Ареспублика Аԥсны имҩаԥысуаз аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа жәларбжьаратәи аҟазшьа арҭеит.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба аепохатә, аҭоурыхтә хҭысқәа рыла игәылҭәааз аԥсҭазааратә мҩа данысит. Аҳәынҭқарреи ажәлари рлахьынҵа шьаҭанкыла анырра азҭаз Ареспублика Аԥсны аҿиаразы иара илшамҭақәа рзы милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар зегьы раҳаҭыри рыбзиабареи даԥсахеит.
Урыстәылатәи ажурналистцәа рҿаԥхьа имариам ахыдҵа ықәгылан – лакҩакрада иҭышәынтәалоу аҵарауаҩ изанааҭ амыцхәрас амилаҭ рԥыза ироль анагӡара алызхыз, Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи иасимволны иҟалаз аполитикатәи аҳәынҭқарратәи аусзуҩ изы ателехәаԥшцәа рзеиҭаҳәара. Иазгәаҭатәуп, урҭ зеиӷьаҟам ала рхықәкы шынарыгӡаз.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәылацәа даара ахә ҳаракны иршьоит аԥсны-урыстәылатәи аинформациатә усеицура. 1992-1993 шықәсқәа раан имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан ишьақәгылаз атрадициақәа ҳазҭоу аамҭазы иҿыцу аимпульс роуит, иҿыцу аҿиара аҩаӡарахь ицәырҵит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп.
Агәра ганы сыҟоуп аринахысгьы аԥснытәии урыстәылатәи ажурналистцәа аиҩызара зыбжьоу ҳажәларқәеи ҳҳәынҭқаррақәеи рзы хра злоу аҟазшьа змоу русеицура қәҿиарала ишацҵахо.
Шәара аԥхьа шәнаргыланы, напхгара зышәҭо шәырҿиаратә коллективқәа ирзеиӷьасшьоит ахирра, арҿиаратә қәҿиарақәа, аманшәалара, ажәабжь бзиақәа!»






